Нидерланды Иреиҳаӡоу аӡбарҭа «скифтәи ахьы» Украина азырхынҳәра иазкны  ҵаҟатәи аинстанциақәа рықәҵарақәа ааннажьит
Нидерланды Иреиҳаӡоу аӡбарҭа «скифтәи ахьы» Украина азырхынҳәра иазкны  ҵаҟатәи аинстанциақәа рықәҵарақәа ааннажьит

Нидерланды Иреиҳаӡоу аӡбарҭа «скифтәи ахьы» Украина азырхынҳәра иазкны  ҵаҟатәи аинстанциақәа рықәҵарақәа ааннажьит.

Аӡбарҭа аҵыхәтәантәи ақәҵара инақәыршәаны,   Аллард Пирсон имузеи,   археологиатә хазынақәа ҟрымтәи амузеиқәа ракәымкәа,  украинатәи аҳәынҭқарра иазырхынҳәроуп.

«Скифтәи ахьы»  10 шықәса Амстердам ишьҭан.  2014 шықәсазы Амстердам иҟоу Аллард Пирсон имузеи ҟрымтәи амузеиқәа рҟынтә аекспонатқәа аиуит ацәыргақәҵа  «Ҟрым: Амшын еиқәа ахьи амаӡеи» азы. Аколлекциа иалоуп  500 еиҳаны аекспонатқәа.

Урыстәыла ала Ҟрым аннексиа ашьҭахь, абарҭ аепкспонатқәа ахьдырхынҳәша иадҳәаланы  аимак ҟалеит  —  импыҵахалоу Ҟрым амузеиқәа рахь акәу, украина анапхгара ракәу.  2016 шықәса ҧхынҷкәын азы амстердамтәи аӡбарҭа ақәҵара аднакылеит  «скифтәи ахьы» Украина азырхынҳәразы, аха, асепаратисттә режим ахаҭарнакцәа анапхгара ззыруа ҟрымтәи амузеиқәа ари ақәҵара иазашшит.