«New Hospitals» аҳақьым иҳәамҭала, Ваке апаркаҿ ааха зауз ахәыҷы аҧсыҧ лагаҩагаратә аппарат даҿырхит
 «New Hospitals» аҳақьым иҳәамҭала, Ваке апаркаҿ ааха зауз ахәыҷы аҧсыҧ лагаҩагаратә аппарат даҿырхит

«New Hospitals»  аҳақьым Давиҭ Цибаӡе ишиҳәаз ала, Ваке апаркаҿ ааха зауз ахәыҷы аҧсыҧ лагаҩагаратә аппарат даҿырхит. Иара иажәақәа рыла, ахәыҷы иҭаацәа драцәажәеит, уажәазы аинтенсивтә хылаҧшра аҵаҟа дыҟоуп.

Иара убас,  Давиҭ Цибаӡе ишиҳәаз ала, хара имгакәа ахәыҷы аҩныҟа доурыжьҭыр ҟалап.

«Уажәазы ахәыҷы иҭагылазаашьа еиҕьхеит, аҧсыҧ лагаҩагаратә аппарат даҿаҳхит. Аҭаацәа драцәажәахьеит. Ҳәарада,  макьана шәарҭарақәак иҟоуп, аха, раҧхьатәи 24 сааҭ рыла иҟалар зылшоз ауадаҩрақәа ҳрыцәцеит.  Насгьы иазгәасҭар сҭахуп,  72 сааҭ макьана имҵӡацт, убри аҟынтә, иара аинтенсивтә хылаҧшра аҵаҟа дыҟазаауеит.  Ахәыҷы ҽаџьара ииагара ахәҭам ҳәа ҳгәы иаанагоит», — иҳәеит  Давиҭ Цибаӡе.