Нетаниаҳу Ҕаза асектор аҿы аибашьра аанкылара иазку Америка ахада иплан дақәшаҳаҭхеит
Нетаниаҳу Ҕаза асектор аҿы аибашьра аанкылара иазку Америка ахада иплан дақәшаҳаҭхеит

Израиль аҧыза-министр Бениамин  Нетаниаҳу Ҕаза асектор аҿы аибашьра аанкылара иазку Америка ахада иплан дақәшаҳаҭхеит.

Ари атәы ааицҳаит адәныҟатәи аполитиказы Нетаниаҳу ибжьагаҩ  Офир Фальк.

Иара иажәақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу аплан иагу рацәоуп,  уи иҵегьы аус адулатәуп,  израильтәи атҟәацәа рхақәиҭтәра ацынхәрас израильтәи аган ари аплан иақәшаҳаҭхеит.

«Иҵегьы аус здулатәи адетальқәа иҟоуп. Атәҟацәа рхақәиҭтәра инваваргыланы,  израильтәи аган  атеррористтә аиҿкаара ҲАМАС анырҵәарагьы иаҳәоит», — иҳәеит  Офир Фальк.

Америка ахада Џьо Баиден Израили ҲАМАСИ  Ҕаза асектораҿ аибашьра аанкылара иазку 3 етапктәи аплан рыдигалеит.