Нед Праис - Ари азакәан абжьы азҭо ауаҩы цыԥхьаҿа, Қырҭтәыла евроатлантикатәи аԥеиԥш апотенциатә шәарҭа аҭагыларазы аҭакԥхықәра идҵахоит
Даара ҳгәы иалсуеит ицәыргоу “атәымтә агентцәа ирызкә” азакәан иахҟьаны. Ари азакәан абжьы азҭо ауаҩы цыԥхьаҿа, Қырҭтәыла евроатлантикатәи аԥеиԥш апотенциатә шәарҭа аҭагыларазы аҭакԥхықәра идҵахоит, – иҳәеит ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ипресспикер Нед Праис.
Ажурналистцәа Нед Праис Қырҭтәыла апарламент аҿы ицәыргаз “Жәлар рымч” иаԥшьыргаз азакәан иазкны иазҵааит.
“Ари азакәан арҭ амшқәа рзы ҳахцәажәахьеит, ҳгәынамӡара ааҳарԥшит. Азакәан Қырҭтәыла асистемаҿ макьана апроцедурқәа ирхысуеит. Аха ари иахәамԥшыкәа, “атәымтә агентцәа ирызкә” азакәан иахҟьаны даара ҳгәы иалсуеит. Уи, еиӷьу атәыла аргылара хҭаху зхы иақәиҭу абжьқәеи Қырҭтәыла атәылауаа рстигматизациеи рхәаҽреи ахылҵеит. Қырҭтәыла ахьыԥшымреи адемократиеи рзы ари азакәан иахылҵуа апотенциатә алҵшәақәа ҳгәы ҳнархьоит.
Ҳпозициа имариоуп. Уи изныкымкәа ааҳарԥшхьеит. Ари азакәан Қырҭтәыла атәылауаа жәашықәсқәа раԥҳьа аадырԥшыз ашьҭазаарақәа ирҿагылоит. Урҭ ирҭаху аԥеиԥши ЕАШ хықәкыс амоу арҭ ашьҭазаарақәа рынагӡараҿ ацхыраара аарԥшреи ирнаалом. Агәынамӡара ЕАШ мацара акәымкәа, егьырҭ апартниорцәагьы аадырԥшуеит ари азакәан инамаданы.
Ари азакәан иазкны апропаганда рацәа мҩаԥган. Ҿырԥштәык аҳасабла ари азакәан ЕАШ аҟны аԥҵан ҳәа аргумент аагара ииашам, ҳара иҳамоу “Атәымтә агентцәа рҭаҩра акт” FARA атәымтә тәылақәа рагентцәа рҭаҩра иазкуп, ҳзакәан иҳәынҭқарратәм аиҿкаарақәа русзуреи урҭ рфинансркреи ирныруам. ЕАШ аҟны амч змоу азакәан атәымтә тәылақәа рагенцәа мацра ирызкуп, уи арадикалтә аиԥшымра амуп уажәы ҳзыхцәажәоу азакәанпроект аҟны”, – иҳәеит Нед Праис.