Нед Праис – Ақырҭуа жәлари Қырҭтәыла аиҳабыреи жәларбжьаратәи ауаажәларра ирыдгылоит, уажәтәи аҭагылазаашьа иадҳәаланы ақырҭуа коллегацәа рҟны аимадара ҳамоуп
Нед Праис – Ақырҭуа жәлари Қырҭтәыла аиҳабыреи жәларбжьаратәи ауаажәларра ирыдгылоит, уажәтәи аҭагылазаашьа иадҳәаланы ақырҭуа коллегацәа рҟны аимадара ҳамоуп

«‎Ақырҭуа жәлари Қырҭтәыла аиҳабыреи жәларбжьаратәи ауаажәларра ирыдгылоит», — иҳәеит Америка Аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнак Нед Праис абрифинг аҿы.

Ажурналист Америка Аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнак диазҵааит Украина Аҧшыхәаратә маҵзура аҳәамҭа иадҳәаланы Америка изакәызаалак информациак рымазар, насгьы, Урыстәылеи Беларуси асанкциақәа рыбжьажьраҿы ирыцхраауа аҳәынҭқаррақәа ирҧеиҧшхои ҳәа.

«Сара абарҭ ахарадҵарақәа сызрылацәажәом. Иҳаҩсыз амчыбжь азы ари азҵаара ҳалацәажәон. Ақырҭуа жәлар ибзиаҵәҟьаны ирдыруеит урыстәылатәи агрессиа закәу. Ақырҭуа жәлари Қырҭтәыла аиҳабыреи жәларбжьаратәи ауаажәларра ишрыдгыло аабоит, ЕАР аҿы имҩаҧгаз абжьыҭирақәа раангьы. Уажәтәи аҭагылазаашьа иадҳәаланы ақырҭуа коллегацәа рҟны аимадара ҳамоуп. », — иҳәеит  Нед Праис.

Иара ишазгәеиҭаз ала, Америка аргама аанацҳаит Америкеи уи апартниорцәеи Урыстәыла иаҿагыланы ишьақәдыргылаз асанкциақәа рыбжьажьра зҽазызкуа, мамзаргьы арратә ҽазышәарақәа рынагӡараҿы Кремль иацхраауа аҳәынҭқаррақәа алҵшәа цәгьа роуеит.