Нед Праис - Аҽазкрақәеи амбициақәеи рымҩаҿ Қырҭтәылаҟны апартниорра наҳагӡоит
Нато иаарту ашәқәа рполитика алианс алалара зҭаху атәылақәа рганахьала мҩаԥгатәуп. Анҭыҵтәи мчқәа ари апроцесс вето ақәҵара рылшом, – иҳәеит ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ипресспикер Нед Праис.
Праис ишазгәеиҭаз ала, аспиратн-тәылақәа иконкрету азыҳәарақәа ирышьашәалазароуп, алаларазы аӡбара алианс ауп здызкыло. Праис иажәақәа рыла, Қырҭтәыла Нато ихадароу партниоруп.
Аҳәынҭқарратә департамент апресспикер ишааицҳаз, аҽазкрақәеи амбициақәеи рымҩаҿ ЕАШ Қырҭтәылаҟны апартниорра нанаагӡоит.
“Қырҭтәыла Нато ихадароу партниоруп. Қырҭтәылаҟны аконсультациақәа мҩаԥаагоит.
Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари зхы иақәиҭу исуверену тәылас аанхара иазку ргәазыҳәара анагӡараҿ ҳрыдгылоит. Шеишықәса рыбжьара ҳтәылақәа астратегиатә партниорра рыбжьан. Аус адаҳулоит Қырҭтәыла евроатлантикатәи аҭаацәарахь аинтеграциа. Ари азҵаара аџьаба, идуӡӡоу аресурсқәа аҭахуп. Убри аҟынтә, ацхыраара аҳасабла ҳара Қырҭтәыла фмиллиард доллар азалаҳхит, иаӡыҟаҵоуп 20 000-ҩык ақырҭуа аруаа. Аҽазкрақәеи амбициақәеи рымҩаҿ Қырҭтәылаҟны апартниорра наҳагӡоит “, – иҳәеит Праис.