Нед Праис - Аахыҵ Кавказтәи аиҿцәажәарақәа рызҵаарақәа рзы ЕАШ аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ ибжьагаҩ Қырҭтәыла даҭаауеит, ари шьақәнарӷәӷәоит ЕАШ арегион аҿы аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи шрыдгыло
Аахыҵ Кавказтәи аиҿцәажәарақәа рызҵаарақәа рзы ЕАШ аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ ибжьагаҩ Луис Боно иауа амчыбжь азы Қырҭтәыла даҭаауеит. Ари атәы ааицҳаит ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ипресспикер Нед Праис.
Праис иажәақәа рыла, Боно Қарҭ даҭаауеит Аахыҵ Кавказ ахь авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны. Луис Боно визитла Еревани Бақәеигьы дырҭаауеит.
“Арҭ амшқәа рзы Аахыҵ Кавказтәи аиҿцәажәарақәа рызҵаарақәа рзы ЕАШ аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ ибжьагаҩ Луис Бого Қырҭтәыла даҭаауеит. Ари Боно раԥхьаӡатәи ивизитуп. Уи Аахыҵ Кавказтәи ахтәылак дырҭаауеит. Уи алидерцәа дырԥыланы, Шәамахьтәыла-Азербаиџьан аҭынчратә процесс дшадшыло, Қырҭтәыла асуверенитети атериториатә акзаареи дышрыдгыло шьақәиарӷәӷәоит. Бого Қарҭи, Еревани, Бақәеи дырҭаауеит, ари шьақәнарӷәӷәоит ЕАШ арегион аҿы аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи шрыдгыло“,- иҳәеит Праис.