NDI – Евроеидгыла адгылара ацлеит, уи убарҭоуп атәыла ауааҧсыра евроинтеграциа иазаадырҧшуа азҿлымҳара алагьы, зегьы раасҭа атәылауаа иаргәамҵуеит ахәқәа рыцлара
«Амеика Амилаҭтә демократиатә институти» «CRRC-Қырҭтәылеи» иахьа ицәырыргаз аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, Евроеидгыла адгылара ацлеит, уи убарҭоуп атәыла ауааҧсыра евроинтеграциа иазаадырҧшуа азҿлымҳара алагьы, зегьы раасҭа атәылауаа иаргәамҵуеит ахәқәа рыцлара.
«Аха, абри аҩыза аҽазышәара шыҟоугьы, атәылауаа реиҳара ргәы ишаанаго ала, Қырҭтәыла аиҳабыра Евроеидгылахь Қырҭтәыла алаларазы акгьы ҟарҵом, ма иҟарҵо маҷуп», — азгәаҭоуп «Амилаҭтә демократиатә институт» аҭҵаараҿы.
НАТО ахырхарҭалагьы абри аҩыза атенденциа иҟоуп — ауааҧсыра реиҳара (73%) ҧасеиҧ, уажәгьы Алиансахь Қырҭтәыла алалара иақәшаҳаҭуп.
«Уажәазы иҟоу аекономикатә проблемақәа ирыдҳәаланы атәыла ауааҧсыра зегьы реиҳа иаргәамҵуеит ахәқәа рацлареи, аинфлиациеи, аусурҭадареи, аҕарреи, аџьаусҧса амаҷреи — дара рзы егьырҭ апроблемақәа усҟаҟ аҵакы рымам.
Атәылауаа реиҳара ргәы ишаанаго ала, Қырҭтәыла аекономикатә ҭагылазаашьа цәгьоуп. 51наӡына ргәаанагарала, Қырҭтәыла аиҳабыра аекономикатә проблемақәа рыӡбара рылшап ҳәа ргәы иаанагом. Хәҩык рҟынтә аӡәы аусуразы аҳәаанырцәҟа ацара дазхәыцуеит», — иануп NDI аҭҵаараҿы.
Аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, аҳәаанырцәҟа ицар зҭаху рҟынтәи зегьы реиҳа ирацәоуп 50 шықәсанӡа изхыҵуа ауааҧсыра.
Аҭҵаара авторцәа ишазгәарҭаз ала, аиҳабыра русушьа згәаҧхо ауааҧсыра рхыҧхьаӡара 10%-ла иазҳаит (41 аҟынтә 51%-нӡа), аха, анапхгаратә партиеи аоппозициеи згәамҧхо ауаа иаҳа ирацәахеит.