НАТО иалоу 15 ҳәынҭқарра европатәи аҳаирхыхьчаратә система арҿыцразы еиқәшаҳаҭхеит
НАТО иалоу 15 ҳәынҭқарра европатәи аҳаирхыхьчаратә система арҿыцразы еиқәшаҳаҭхеит

НАТО иалоу 15 ҳәынҭқарра европатәи аҳаирхыхьчаратә система арҿыцразы еиқәшаҳаҭхеит.

Бриуссель имҩаҧысуа аиҧылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, атәылахьчара аминистрцәа рнапы аҵарҩит Европатәи ажәҩантә ҧырага аинициатива иазку адекларациа.

Апрограмма иалахәып: Германтәыла, Британиа Ду, Словакиа, Норвегиа, Латвиа, Венгриа, Болгариа, Бельгиа, Чехиа, Финляндиа, Литва, Нидерланды, Румынтәыла, Словениа.

Ишазгәаҭаз ала, апроект хықәкыс иамоуп   аҳаирхыхьчаратә система аганахьала абарҭ атәылақәа рҿы иҟоу апроблемақәа рыӡбара.

Адипломатцәа ишырҳәаз ала, Естониагьы ари апроект аҽалархәра агәы иҭоуп.