Нато аҩызаратә офис анапхгаҩы - Аполитикатә мчқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла Нато аполитикатәи апрактикатәи адгылара иазкны аинформациа рысҭеит
Нато аҩызаратә офис анапхгаҩы - Аполитикатә мчқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла Нато аполитикатәи апрактикатәи адгылара иазкны аинформациа рысҭеит

Нато аҩызаратә офис анапхгаҩы Александр Винников иажәақәа рыла, Қырҭтәыла анапхгаратәи аоппозициатәи партиақәа рхаҭарнакцәа рҟны аиԥыларақәа мҩаԥигоит. Винников ишааицҳаз, аполитикатә мчқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла Нато аполитикатәи апрактикатәи инагӡо адгылара иазкны аинформациа риҭеит.

Аофис анапхгаҩы иажәақәа рыла, аиԥыларақәа раан Қырҭтәылеи арегиони рҟны иҟоу аҭагылазаашьеи, Украина аганахьала Урыстәыла имҩаԥнагаз ажәылара иахҟьаны иԥсахаз ашәарҭадаратә ҭагылахаашьеи рыхцәажәоит.

Мадридтәи асаммит аҿы Қырҭтәылеи Молдовеи аԥеиԥш  иазкны азҵаара анизықәдыргыла, Александр Винников ишазгәеиҭаз, адгылаҩцәа ирыдыркыло аӡбара заанаҵы издырӡом. Винников ишааицҳаз, ихадоу хҭысны астратегиатә концепциа ашьақәырӷәӷәара – Нато ашьаҭатәи адокумент.