НАТО арратә комитет ахантәаҩы - НАТОи Қырҭтәылеи зеиҧшҟамлац апартниоррала еидҳәалоуп
НАТО арратә комитет Қырҭтәыла имҩаҧнаго аҧшьбатәи авизит даҽазнык ишьақнарҕәҕәоит НАТО ҕәҕәала Қырҭтәыла ишадгыло. НАТОи Қырҭтәылеи зеиҧшҟамлац апартниоррала еидҳәалоуп, ҳаҧхьаҟа ари апартниорра иаҳа иҕәҕәахоит, — иҳәеит НАТО арратә комитет ахантәаҩы, адмирал Роб Бауер Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе даниҧыла ашьҭахь.
Иара НАТОи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа дрылацәажәан, ишазгәеиҭаз ала, абри апартниорра еснагь аҩ-ганкгьы хырҳагара рзаанагон. Абри азҵара иадҳәаланы, адмирал, ҷыдала иазгәеиҭеит Афганистан имҩаҧысуаз амиссиаҿы Қырҭтәыла иҟанаҵаз алагала ду.
Иара убас, Роб Бауер, НАТО – Қырҭтәылатәи азыҟаҵаратә центр аусушьа ибзианы дахцәажәеит. НАТО арратә комитет ахантәаҩы иаҵшьны иазгәеиҭеит алианс ҳаҧхьаҟагьы Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.