НАТО Апарламенттә Ассамблеиа авице-ахада - Ҳара НАТО алалара иазку Қырҭтәыла аҽазышәара ҳадгылоит, ари аганахьала ҳпозициа ҕәҕәоуп
Ақырҭуа ҳпартниорцәа еснагь ҳарҧылоит, уи азыҳәан аформатқәа зегьы ҳхы иаҳархәоит. НАТО алалара иазку Қырҭтәыла аҽазышәара ҳадгылоит, ари аганахьала ҳпозициа ҕәҕәоуп, Ҭырқәтәыла аплатформақәа зегьы рҿы ари апозициа аанарҧшуеит, – иҳәеит НАТО Апарламенттә Ассамблеиа авице-ахада Осман Аскин Баки Қырҭтәыла апарламенттә делегациа данырҧыла ашьҭахь.
«Ҳминистрцәа НАТО алахәылацәа еснагь ари азҵааразы ирацәажәоит. Қырҭтәыла – ҳҩыза бзиоуп, ҳгәылара иҟоу ҳәынҭқарроуп, ҳара еиуеиҧшым аусхқәа рҿы апартниорра ҕәҕәа ҳабжьоуп. Ҳтәылақәа рыбжьара ахәаахәҭратә аикәшара азҳара иаҿуп. Кавказтәи арегион аҟынтә Қырҭтәыла Алианс алалара ҳазынтәгьы ҳадгылароуп, абасоуп Ҭырқәтәыла апозициа шыҟоу. Абра, НАТО Апарламенттә Ассамблеиаҿы, ақырҭуа ҳколлегацәа ари апозициа рзышьақәҳарҕәҕәеит», — иҳәеит Осман Аскин Баки.