НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ицхырааҩ Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрраҿы аиҧыларақәа мҩаҧигеит
НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ицхырааҩ Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрраҿы аиҧыларақәа мҩаҧигеит

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ицхырааҩ Девид Катлер Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрраҿы аиҧыларақәа мҩаҧигеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

«Иахьа Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе визитла Қырҭтәыла иҟоу НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ицхырааҩ Девид Катлер дидикылеит. Аиҧылараҿы ашәарҭадара аганахьала иҟоу аглобалтә аҳасабтәқәеи, Украина иаҿагылоу аурыс агрессиа амшала арегионаҿы ашәарҭадара аҭагылазаашьа аицәахареи иалацәажәан, Украина даҽазнык адгылара азаадырҧшит.

Ақырҭуа аган даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит НАТО алалара ишазҿлымҳау», — иануп Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра адырраҿы.