Нанҳәатәи аибашьра ҟалеижьҭеи 14 шықәса ҵра инамаданы Андриус Кубилиуси Раса Иукневичиенеи аҳәамҭа еицыҟарҵе
Нанҳәатәи аибашьра ҟалеижьҭеи 14 шықәса ҵра инамаданы европарламентарцәа Андриус Кубилиуси Раса Иукневичиенеи аҳәамҭа еицыҟарҵеит.
“14 шықәса раԥхьа, 2008 шықәса нанҳәа 7 рзы,аурыс аруаа жәлрбжьаратәи зин еилаганы Қырҭтәыла иақәлеит. Ари иалҵшәаны, Қырҭтәыла аҵакырадгьыл 20% Урыстәыла ампыҵахалара аҵаҟа иҟоуп.
Ари ивуверену агәыла тәыла аганахьала Путин и-Урыстәыла апровоцирра змамыз арратә агрессиатә аибашьра актәи жәыларан. Кремль ари ахымҩаԥгашьа адунеи адемократиатә уаажәлара аҟынтә иақәнагаз ақәҿыҭра ахьамоуз аҟынтә, Путин и-Урыстәыла агрессиатә политика нанагӡан, 2014 шықәсазы Украина иақәлеит, Ҟрым аннексиа азнауит, аашықәса рышьҭахь зымҽхак ҭбаау аибашьра алагеит Украинеи мраҭашәареи рганахьала.
Ҳара Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи ҳрыдгылоит. Қырҭтәыла евроатлантикатә амҩа ҳадгылоит.
Иҳаҩсхьоу ахҭысқәа рҟынтә алкаақәа ҟаҳҵароуп. Евроеидгыла алалара амҩа ахысреи, аҩнуҵҟаполитикатә аиҿагыларақәа рҭыԥқәҵареи, адеолигархизациеи адеполиаризациеи рзы адемократиатә уаажәларра Қырҭтәыла иашьашәалоу ацхыраареи астимули аҭароуп.
Урыстәыла ала Қырҭтәыла аҵакырадгьыл 20% импыҵахалоуп, аха,Қырҭтәыла евроатлантикатә аидгыла аламларц азы, Кремль хықәкы хадас амоуп Қырҭтәыла агеополитикатә гәамч зегьы ампыҵахалара.
Қырҭтәыла уажәтәи анапхгареи “Ақырҭуа гәахәтәы” алидерцәи иҟарҵо аҳәамҭақәеи рхымҩаԥгашьеи икыкааны ҳрыцклаԥшуеит. Урҭ гәҭакыла Қырҭтәыла акандидат статус аиура алшара иаԥырхагоуп.
Кремль агибридтә жәылара аҿагыларазы мҩа заҵәык иҟоуп – Қырҭтәыла хара имгакәа Евроеидгыла ахеилак 12 рекомендациа нанагӡароуп”, – иануп аҳәамҭа аҿы.
Европарламентарцәа Андриус Кубилиуси Раса Иукневичиенеи адеолигархизациа аҵакгьы иахцәажәеит.
Қырҭтәыла аполитикатә мчқәеи атәылауаҩратә уаажәларреи рахь ааԥҳьара ҟаҳҵоит рымчқәа еидкыланы 12 рекомендациа рынагӡараны ирылшо зегь ҟарҵарц. Қырҭтәыла Евроеидгылахь аинтеграциа апроцесс аҿы еиҭах аԥхьагылара шаиуа ҳақәгәыӷцеит. Ҳара Қырҭтәылеи уи ауааԥсыреи рыгәра ҳгоит!” – иазгәаҭоуп аҳәамҭа аҿы.европарламентарцәа Андриус Кубилиуси Раса Иукневичиенеи