Нанҳәатәи аибашьра ҟалеижьҭеи 16 шықәса аҵра инамаданы, Атәылахьчара аминистрра ахыбраҿы аҳәынҭқарратә бираҟ лашьҭуп
Урыстәыла-Қырҭтәылатәи аибашьра ҟалеижьҭеи 16 шықәса аҵра инамаданы, иҭахаз ауааҧсыра раҳаҭыр аҟынтә, Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра ахыбраҿы аҳәынҭқарратә бираҟ лашьҭуп, – аарыцҳаит аусҳәарҭа апрессмаҵзура аҟынтә.
“Аиҳабыра рықәҵара ала, Қырҭтәыла Аԥснытәи Цхинвалтәи арегионқәа изакәанымкәа рымпыҵахаларазы, Урыстәылатәи Афедерациа Қырҭтәыла имҩаԥнагаз зымҽхак ҭбаау арратә интервенциа иалаӡыз афырхацәа рыхьӡқәа ргәалашәаразы, аҳәынҭқарратә бираҟқәа лашьҭуп атәыла зехьынџьара иҟоу атәылахьчаратә усҳәарҭақәа рхыбрақәеи арратәбазақәеи рҽы”, – иануп аинформациа аҿы.