Нанҳәа инаркны  Венециа  атуристтә гәыҧқәа рзы аҧкрақәа амч роуеит
Нанҳәа инаркны  Венециа  атуристтә гәыҧқәа рзы аҧкрақәа амч роуеит

Нанҳәа инаркны  Венециа  атуристтә гәыҧқәа рзы аҧкрақәа амч роуеит. Лымкаала, 25ҩык еиҳаны  излоу агәыҧқәа ақалақьахь инарышьҭуам. Иара убас, аҭыҧантәи анапхгара рыӡбарала, агидцәа абжьырдугақәа рхархәара азин рымам.

Абарҭ аҧкрақәа шьақәыргылоуп аҭыҧантәи ауааҧсыра ргәы ҭынчзарц, ашьаҟауаа дара ишырҭаху, рхы иақәиҭны аиҭаҵра рылшарц азыҳәан.

Арҭ апҟарақәа реилагаразы иазҧхьагәаҭоуп  25 инаркны  500 евро аҟынӡа ахараҧса.

Зыӡбахәы ҳәоу аҧкрақәа амч рымазаауеит Венециа агәҭаны, иара убас, адгьылбжьахалақәа Муранои, Буранои, Торчеллои рҿгьы.

Атуристтә гәыҧқәа азинҷыдақәа рымазаауеит. Лымкаала, агәыҧ алахәылацәа рыҧхьаӡараан ҩышықәса зхымҵыц ахәыҷқәа рыҧхьаӡом. Иара убас, астудентцәеи аҵаратә тур алахәылацәеи арҭ аҧкрақәа рыдкьыслом.

Мшаҧы азы Венециа адунеиаҿ раҧхьатәи қалақьхеит аҭааҩцәа ашәахтә рзышьақәнаргылаз. Абри аҧышәаратә проект  29 мшы инагӡахеит, уажәы апроект анагӡаразы аконсультациақәа мҩаҧысуеит.