“Намахвангес” аҿагылаҩцәа иахьа Филармониа аԥхьа амҩа аркра ргәы иҭоуп, – ари атәы ааицҳаит акциа аиҿкааҩцәа руаӡәы Варлам Голеҭиани.
Голеҭиани Қарҭ ауааԥсыра адгыларазы иҭабуп ҳәа раиҳәеит.
“Иахьа иҳамоу аплан сазааҭгылоит. Русҭавели амҩаду аҟынтә Филармониахь ҳаиасуеит, уа амҩа аҳаркуеит. Аҳҭнықалақь ауааԥсыра адгыларазы иҭабуп ҳәа расҳәоит,” – иҳәеит Голеҭиани.
Ҩымш ҵуеит “Намахвангес” аҿагылаҩцәа аҳҭнықалақь аҿы акциа мҩаԥыргоижьҭеи.