Наҭиа Турнава Жәларбжьаратә авалиутатә фонд амиссиа еснагьтәи ахаҭарнак диԥылеит
Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа назыгӡо Наҭиа Турнава Жәларбжьаратә авалиутатә фонд амиссиа еснагьтәи ахаҭарнак Ендриу Џьувел диԥылеит.
Амилаҭтә банк апресмаҵзура аинформациа ала, аиԥылараҿ Наҭиа Ҭурнава Жәларбжьаратә авалиутатә фонд амиссиа еснагьтәи ахаҭарнак асанкциақәа рынагӡара аҵас зеиԥшроу, амш аусхәаԥштә ари аӡбара адкылара ахымԥадара изцәырҵыз иазкны адетальтә дыррақәа идылгалеит. Ҭурнава ишазгәалҭаз ала, ЕАШ-и,Евроеидгылеи, Британиа Ду Урыстәыла Украина алалара ашьҭахь ишьақәдырӷәӷәаз арегулиациақәеи аԥкрақәеи зегьы нагӡоит.
Амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа назыгӡо лажәақәа рыла, Қырҭтәыла Амилаҭтә банк афинанстә сектори, жәларбжьаратә афинанстә институтқәеи, аинтерес змоу аганқәеи зегьы рҟны информациа адгаларазы аинтенсивтә аимадара рыбжьоуп.