Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа назыгӡо Наҭиа Турнава Словакиа Амилаҭтә банк ахада Петер Кажимир диҧылеит.
Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла иҭышәынтәалоу амакроекономикатә ҭагылазаашьеи Амилаҭтә банк имҩаҧнаго аструктуратә реформақәеи ирылацәажәеит.
Наҭиа Турнава ишылҳәаз ала, словакиатәи аган Қырҭтәыла Амилаҭтә банк иацхраауеит Евроеидгыла аҳәарақәа разааигәахараҿы.
Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа наҟ-наҟ аусеицуразы еиқәшаҳаҭхан, Аилибакаара амеморандум рыбжьарҵеит.
Словакиа Амилаҭтә банк ахада Қырҭтәыла даҭааит Словакиатәи ареспублика аиҳабыратә делегациа аилазаараҿы.
Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Амилаҭтә банк апресс-маҵзура.