Наҭиа Турнава – Қырҭтәыла жәларбжьаратәи асанкциақәа еснагь ирықәныҟәон, наҟ-наҟгьы ирықәныҟәоит
Наҭиа Турнава – Қырҭтәыла жәларбжьаратәи асанкциақәа еснагь ирықәныҟәон, наҟ-наҟгьы ирықәныҟәоит

Қырҭтәыла жәларбжьаратәи асанкциақәа еснагь ирықәныҟәон, наҟ-наҟгьы ирықәныҟәоит, – илҳәеит Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа назыгӡо Наҭиа Турнава Қырҭтәыла Актәи аканал адырраҭараҿы «Актуалтә асабша  —  Мака  Цинцаӡе лҟны».

«Амилаҭтә банки афинанстә системеи жәларбжьаратәи асанкциақәа ирықәныҟәоит. Араҟа абарҭ асанкциақәа рынагӡашьа аиҕьтәроуп ҳазлацәажәо», — илҳәеит  Турнава.

Лара лажәақәа рыла,   асанкциақәа ирызку аҧышәа  –  анеҩстәи ашықәсқәа рзгьы иҟало алабҿабара ҿыцуп. Убри аҟынтә, асанкциақәа рынагӡашьа азҵаара аханатәгьы иҳәаақәҵатәуп. Турнава ишылҳәаз ала, еиуеиҧшым атәылақәа рҿы асанкциақәа рынагӡара апрактика еиҧшым,  уи алагьы иубарҭоуп асанкциақәа рықәныҟәара апроцесс автоматла, аамҭакала амҩаҧгара шыҟамло.

«Сара Евроеидгыла иалоу атәылақәеи, Канадеи, аҿиара змоу егьырҭ атәылақәа рацәеи роуп сызлацәажәо. Арҭ атәылақәа рҿы асанкциа рызхаҵара азҵаара иқәгылам. Уи еиҳангьы, лассы-лассы дара рхаҭа асанкциақәа иравторцәоуп, дара жәларбжьаратәи аҧхықәрақәеи рхатә милаҭтә функциақәеи азакәанҧҵареи рыбжьара абаланс иаша аҧшаара иазҿлымҳауп», — илҳәеит  Турнава.