Наҭиа Турнава  Қырҭтәыла иҟоу Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ  Марк  Клеитон диҧылеит
Наҭиа Турнава  Қырҭтәыла иҟоу Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ  Марк  Клеитон диҧылеит

Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа назыгӡо Наҭиа Турнава  Қырҭтәыла иҟоу Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ  Марк  Клеитон диҧылеит.

Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аинформациа ишану ала, аиҧылараҿы атәыла амакроекономикатә тенденциақәа ирылацәажәеит. Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, Урыстәыла иазышьақәыргылоу афинанстә санкциақәа рықәныҟәара азҵаарагьы иазааҭгылеит.

Наҭия Турнава  ишылҳәаз ала, Амилаҭтә банк иҟанаҵо ашьаҿақәа зегьы жәларбжьаратәи асанкциақәа ирышьашәалоуп. Иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан Амилаҭтә банки Англиа Абанк хадеи рыбжьара аусеицура аҵакы.

«Британиа Ду Қырҭтәылазы зҵакы дуу астратегиатә партниоруп. Иахьатәи аиҧылараҿы ҳара еицынаҳагӡо апроектқәа ҳрылацәажәеит.  Ҳареи Англиа Абанк хадеи  2008 шықәса инаркны аус еицаауеит.   Дара аҧышәа ду рымоуп. Ҳусеицура наҟ-наҟгьы инагӡахап ҳәа сгәыҕуеит», — илҳәеит  Наҭиа  Турнава.