Наҭиа Иоселиани - Аихшьаалатә протоколқәа знапы аҵазҩыз акомиссиа алахәылацәа рацәоуп, анапаҵаҩра иаанагоит акомиссиа алахәыла адыррақәа шьақәирҕәҕәоит ҳәа, убри ашьҭахь аилагарақәа рылацажәара иџьоушьаратәы иҟоуп
Алхратә комиссиа хада апресспикер Наҭиа Иоселиани лҳәамҭала, аокругтә алхратә комиссиақәа ашшыҧхьыӡқәа рыхәаҧшра хдыркәшеит, уажәазы аӡбарҭақәа рҿы ашшыҧхьыӡқәа рыхәаҧшра апроцесс мҩаҧысуеит.
Лара лажәақәа рыла, аокругтә комиссиақәа рылахәылацәа реиҳара аихшьаалатә протоколқәа рнапы аҵарҩит, убри ашьҭахь аилагарақәа рылацәажәара иџьоушьаратәы иҟоуп.
„Аокругтә алхратә комиссиақәа ашшыҧхьыӡқәа рыхәаҧшра хдыркәшеит, уажәазы аӡбарҭақәа рҿы ашшыҧхьыӡқәа рыхәаҧшра апроцесс мҩаҧысуеит. Ари аимак ахәаҧшра ианалгалак ашьҭахь, ари азҵаара иаҳа инарҭбааны ҳалацәажәар ҳалшоит.
Ишыжәдыруа еиҧш, араионтә алхратә комиссиа шьақәгылоуп 17ҩык алахәылацәа рыла, астатистика инақәыршәаны, ҭыҧқәа рҿы акомиссиа алахәылацәа зегьы аихшьаалатә протоколқәа рнапы рыҵарҩит, џьара-џьара 16 – 15ҩык рнапы рыҵарҩит. Аихшьаалатә протоколқәа знапы рыҵазҩыз акомиссиа алахәылацәа рацәоуп. Анапаҵаҩра иаанагоит акомиссиа алахәыла адыррақәа шьақәирҕәҕәоит ҳәа, убри ашьҭахь аилагарақәа рылацажәара иџьоушьаратәы иҟоуп. Дара даҽа гәаанагарак рымазҭгьы, алхратә раионқәа рҿы иаадырҧшыр рылшон, аха, уи еиҧш даараӡа имаҷуп“, – илҳәеит Иоселиани.
Иара убас, Наҭиа Иоселиани ишылҳәаз ала, Алхратә комиссиа хада, аусеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны, апрокуратура аус ацура иақәшаҳаҭуп.