Наҭия Турнава – Асанкциақәа рынагӡара апҟара аҧсахра аконкреттә хаҿқәа рыхьчара  акәӡам изызку, ари аӡбара Қырҭтәыла атәылауаҩ цыҧхьаӡа иконституциатә зин ахьчоит
Наҭия Турнава – Асанкциақәа рынагӡара апҟара аҧсахра аконкреттә хаҿқәа рыхьчара  акәӡам изызку, ари аӡбара Қырҭтәыла атәылауаҩ цыҧхьаӡа иконституциатә зин ахьчоит

«Қырҭтәылеи уи афинанстә системем ахаангьы асанкциақәа рывсразы хархәагас изыҟалом, иаҳа амониторинг асистема ҕәҕәа аҧаҳҵеит, ҳбанктә система жәларбжьаратәи апартниорцәа рҟынтә ахәшьара бзиа аиуит. Ҳара, ҧасеиҧш, жәларбжьаратәи аҧхықәрақәа наҳагӡоит», — илҳәеит Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа назыгӡо Наҭиа Турнава.

Лара лажәақәа рыла,   асанкциақәа рынагӡаразы Амилаҭтә банк ишьақәнаргылаз апҟарақәа Қырҭтәыла атәылауаа мацара ирыдкьыслоит.

«Ишыжәдыруа еиҧш, Амилаҭтә банк, лымкаала, Амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа рынагӡо, жәларбжьаратәи асанкциақәа рықәныҟәара апҟара аҧсахрақәа алалгалеит, арҭ аҧсахрақәа амч рымоуп ҳфинанстә системаҿы.

Амилаҭтә банки Қырҭтәыла афинанстә системеи раҧхьатәи амш инаркны, жәларбжьаратәи аҧхықәрақәа нарыгӡон, иахьагьы инарыгӡоит.

Қырҭәтылеи уи афинанстә системем ахаангьы асанкциақәа рывсразы хархәагас изыҟалом, иаҳа амониторинг асистема ҕәҕәа аҧаҳҵеит, ҳбанктә система жәларбжьаратәи апартниорцәа рҟынтә ахәшьара бзиа аиуит. Ҳара, ҧасеиҧш, жәларбжьаратәи аҧхықәрақәа наҳагӡоит. Ҳара ҧасеиҧш жәларбжьаратәи апартниорцәеи афинанстә институтқәеи аус рыцаауеит.

Қырҭтәыла атәылауаҩ асанкциақәа изышьақәыргылара раҧхьатәи аинцидент аныҟала, ҳара аӡбара ҳадаҳкылеит, ари аӡбара Қырҭтәыла атәылауаҩ цыҧхьаӡа идкьыслоит. Ҳара асанкциақәа ззышьақәыргылоу Қырҭтәыла атәылауаҩ изы асанкциақәа рынагӡара апҟара ҷыда шьақәҳаргылеит.

Асанкциақәа ззышьақәыргылоу Қырҭтәыла атәылауаҩ ихьӡ интересс иҳамам. Убри аҟынтә, иааҧҵәаны исҳәар сҭахуп иацтәи аӡбара аконкреттә хаҿы ихьчара ишадҳәалам. Ҳара ихьыҧшым аҳәынҭқарра амилаҭтә институт ҳауп, ҳара жәларбжьаратәи аҧхықәрақәа зегьы наҳагӡоит, аха, ҳусураҿы Қырҭтәыла Аконституциа напхгагас иҳамоуп», — илҳәеит Наҭиа  Турнава.