Нэнси Пелоси – Ҳара Украина ҳаннеиуаз агәырҩа ҳныҧшуан, аха згәыдурала ари атәыла ҳалҵуеит, иҟаҳҵаша аадыруеит
Нэнси Пелоси – Ҳара Украина ҳаннеиуаз агәырҩа ҳныҧшуан, аха згәыдурала ари атәыла ҳалҵуеит, иҟаҳҵаша аадыруеит

«Ҳара Украина ҳаннеиуаз агәырҩа ҳныҧшуан, аха згәыдурала ари атәыла ҳалҵуеит, иҟаҳҵаша аадыруеит», — илҳәеит Америка Ахаҭарнакратә палата аспикер  Ненси Пелоси Киевынтә даныхынҳәуаз  Польша имҩаҧылгаз апрессконференциаҿы.

Нэнси Пелоси ишылҳәаз ала, лделегациа Украина ахада Владимир Зеленски иҧылеит.

Пелоси лажәақәа рыла, дара ашәарҭадареи, аекономикеи, агуманитартә цхыраареи, аиааира ашьҭахь атәыла аиҭашьақәыргылареи иалацәажәеит.

«Америка Украина иадгылоит,  аиааиранӡа  Украина ҳацхраауеит, ҳареи НАТОи ҳаидгылоит», — илҳәеит Америка Ахаҭарнакратә палата аспикер.