Мшаҧы аухаз аиҭаҵразы аҧкра хәҭала иҧыхзаауеит
Мшаҧы аухаз аиҭаҵразы аҧкра хәҭала иҧыхзаауеит

Мшаҧы аухаз аиҭаҵразы аҧкра хәҭала иҧыхзаауеит, – Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаау Аоперативтә штаб аиҳабы Гьаргь Ҕибраӡе ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәара ашьҭахь аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Азин ҷыда ҳасабала, Мшаҧытә литургиа иадҳәаланы, ҵхыбжьон аиҭаҵразы ишьақәыргылоу аҧкра аҧыхзаауеит уахык мацара, лаҵара 1 асааҭ  23:00 инаркны лаҵара 2 асааҭ 04:00-нӡа.

Акоронавирус аларҵәара апревенциа амзызла атәылаҿы ҵхыбжьон аиҭаҵразы ишьақәыргылоу аҧкра амч амоуп асааҭ  21:00 инаркны асааҭ  05:00нӡа.