Мрагыларатә Европа ахырхарҭала Баиден иадминистрациа рполитика - Қырҭтәыла агәыҕра ҿыц аиуама?
«Мрагыларатә Европа ахырхарҭала Баиден иадминистрациа рполитика – Қырҭтәыла агәыҕра ҿыц аиуама?», — абас ахьӡуп Ааигәатә Мрагылара аинститут авебсаит аҿы икьыҧхьу астатиа, уи лҩит аинститут аҭҵааҩы еиҳабы Иулиа Сабина Жожа.
«Иҳаҩсыз амчыбжь азы америкатә политикаҿы ахадаратә ҭыҧ ааннакылон Қырҭтәыла мраҭашәаратә ҽазышәарақәа ирызку азҵаара. Ентони Блинкен аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩс данышьақәдырҕәҕәоз, иара аргама ааицҳаит Қырҭтәыла, ианымазеихалак, хымҧада Аҩадаатлантикатә алианс ишалало. Блинкен иаамҭаны аҳәамҭа ҟаиҵеит. Урыстәыла иаҳа-иаҳа Қырҭтәыла иақәыҕәҕәоит, ари атәыла арбџьармчқәа уажәгьы Қырҭтәыла игылоуп. Ашьхатә Ҟарабахтәи аимак амшала, арегион аҿы аҭыгалашьа цәгьахеит. Иара убас, Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи Аӡаба Қырҭтәыла иахәаша ақәҵара аднакылеит. Қырҭтәыла мраҭашәаратә хырхарҭа адгылара ала, Мрагыларатә Европа атәылақәа арегион аҿы аҭагылазаашьа ацклаҧшра рылшоит, дара лабҿаба ирбоит Баиден иадминистрациа имҩаҧырго адәныҟатәи аполитика абзоурала арегионалтә шәарҭадара иаҳа ишыҕәҕәахо», — иануп астатиаҿы.