Москва иҟоу Исландиа ацҳаражәҳәарҭа иахьа инаркны аусура иаҟәыҵит
Москва иҟоу Исландиа ацҳаражәҳәарҭа иахьа инаркны аусура иаҟәыҵит

«Москва иҟоу Исландиа ацҳаражәҳәарҭа иахьа инаркны аусура иаҟәыҵит», — иануп Исландиа аиҳабыра иаладырҵәаз аҳәамҭаҿы. Ацҳаражәҳәарҭа ахыбра иахагылаз Исландиа абираҟ икнырхит.  Исландиа аиҳабыра ишырҳәаз ала, ацҳаражҳәарҭа аусура аанкылара иаанагом Урыстәылаҟны адипломатиатә еизыҟазаашьақәа аанкылоуп ҳәа.

«Ацҳаражәҳәарҭа аусура аанкылара иазку аӡбара иаанагом Урыстәылаҟны адипломатиатә еизыҟазаашьақәа аанкылоуп ҳәа.  Аҭагылазаашьақәа инрықәыршәаны,  Москва иҟоу Исландиа  ацҳаражәҳәарҭа аусура еиҭалагоит», — иануп Исландиа аиҳабыра рҳәамҭаҿы.