Москва ақалақьтә аӡбарҭа  Владимир Кара-Мурза  25 шықәса аҭакра иқәнаҵеит
Москва ақалақьтә аӡбарҭа  Владимир Кара-Мурза  25 шықәса аҭакра иқәнаҵеит

Москва ақалақьтә аӡбарҭа  Владимир Путин  акритика изызуаз Владимир Кара-Мурза  25 шықәса аҭакра иқәнаҵеит. Иара урыстәылатәи ар адискредетациеи аҳәынҭқарратә чарҳәареи ихарарҵеит.

Владимир Кара-Мурза 41 шықәса изыҵуеит, Иара Урыстәылеи Британиа Дуи дыртәылауаҩуп.  Акыршықәса рыҩныҵҟа Путин акриткиа изиуан, Урыстәыла аиҳабыра алахәылацәа асанкциақәа рзышьақәыргылара дацхраауан.

Аӡбарҭаҿ аҵыхәтәантәи иқәгылараан  Кара-Мурза  ари апроцесс Сталин ихаан имҩаҧысуаз апроцессқәа иреиҧшуп ҳәа иҳәеит.

2015-и 2017-и шықәсқәа рзы  Владимир Кара-Мурза иаалырҟьаны дычмазаҩхан, амаҵзура ҷыдақәа ашҳам иҭара рхараиҵеит.