Москва ақалақьтә аӡбарҭа Алексеи Навальныи «Ив Роше» аус азы згәаҭаралатәи шьауӷа ацынхәрас аҭакра иқәнаҵеит
Москва ақалақьтә аӡбарҭа Алексеи Навальныи «Ив Роше» аус азы згәаҭаралатәи шьауӷа ацынхәрас аҭакра иқәнаҵеит

Москва ақалақьтә аӡбарҭа  аоппозиционер Алексеи Навальныи «Ив Роше» аус азы згәаҭаралатәи шьауӷа ацынхәрас 3.5 шақәсатәи аҭакра иқәнаҵеит.

«Ив Роше» аус азы заанаҵтәи ашьаусԥшаараан шықәсыктәи аҩнуҵҟатәи аҭакра аҿҳәара иазыԥхьагәаҭаны, Навальныи абахҭаҿ 2.5 шықәса дҭакызаауеит.

Алксеи Навальныи идукатцәа аӡбамҭа иазашшырц азы жәамштәи аҿҳәара рымоуп.

2014 шықәса анҵәамҭазы Урыстәыла аӡьарҭа аиашьцәа Алексеи Олеги Навальныраа «Ив Роше» аус азы ахара рықәуп ҳәа ирыԥхьаӡеит. Олег навальныи 3.5 шықәса аҭакра иқәҵан, Алексеи Навальныи згәаҭаралаҭи шьауӷа иқәырҵеит.

2017 шықәсазы Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы европатәи аӡбарҭа Навальныираа рзшьауӷақәҵа аԥнахын, Урыстәыла анапхгара афинанстә компенсациа ақәнаҵеит.

Москва ақалақьтә аӡбарҭа аԥхьа Навальныи идгыларатә акциа мҩаԥысуан. Азинхьчаратә центр «Овд инфо» адыррақәа рыла, азакәанхьчаҩцәа 350-ҩык рҟынӡа ааныркылеит.