«Моамбе»  56 шықәса ахыҵит
«Моамбе»  56 шықәса ахыҵит

Иахьа адырраҭара  «Моамбе»  56 шықәса ахыҵит. Аинформациатә маҵзура  «Моамбе»  аҧҵан  1968 шықәса ажьырныҳәа 4 рзы.

Ари ахьӡ ихәыцит усҟан аинформациатә редакциа анапхгара азызуаз Ҭамаз Хомерики.

Ателехәаҧшра ашьаҭаркра инаркны жәашықәса анҵы ашьҭахь,  «Моамбе» есымша аефирахь иҭыҵуа иалагеит. Адикторцәеи амҩаҧгаҩцәеи рҽырыҧсахуан, аха,  «Моамбе» акыршықәса рыҩныҵҟа атәылаҿ аинформациатә хыҵхырҭа хадас иҟан.  Ауаажәларратә дырраҭара архиваҿ ишьҭоуп ауникалтә кадрқәа — амилаҭтә ҵысра, ахьыҧшымра раҧхьатәи ашықәсқәа, Аҧсны иҟалаз аибашьра уҳәа, «Моамбе» аҭыхыҩцәа иҭырхыз ҳаамҭазтәи аҭоурых иаҵанакәа ахҭысқәа рацәа.

«Сынтәа 56 шықәса зхыҵыз аинформациатә маҵзура, зегьы реиҳа игәрагоу, аобиективтә информациатә маҵзурас иҟазар сҭахуп, уажәазы аканалаҿ иҟоу ахырхарҭа еснагь иҟазар ҳҭахуп.   Ҳазхысыз аҭоурых уадаҩуп, аха, аканал еснагь ауадаҩрақәа зегьы ирхысуан. Ателееилахәыра  аус ауеит 1956 шықәса инаркны, сынтәа  «Моамбе» даҽазнык арыцхә ду адаҳныҳәалоит», — илҳәеит Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директор Ҭинаҭин  Берӡенишвили.