"Моамбе" 55 шықәса ахыҵит
"Моамбе" 55 шықәса ахыҵит

“Моамбе” 55 шықәса ахыҵит. Актәи аинформациатә дырраҭара аефир ахь аҭыҵра аҭоурых 1968 шықәса рзы иалагоит. Адырраҭара ахьӡ аиҭеит аредакциа хада усҟантәи аиҳабы Ҭамаз Хомерики.

Арепортажқәа рцынхәрас, ахәаԥшцәа афотоколлажқәа рыдаргалон. Ажурналистцәа ахәаԥшцәа  Қырҭәылеи Асоветтә еидгыла егьырҭ атәылақәа рҿы аҭыԥ змаз ахҭысқәа ирызкны ирзеиҭарҳәон. Иуникалу ҳархив аҿы иҵәазуп “Моамбе” аоператорцәа иҭырхыз мшаԥы 9 рзы иҟаз ахҭысқәеи, ихьыԥшым Қырттәыла актәи алхрақәеи, Аԥснытәи еибашьра зныԥшуа авидеонҵамҭақәа.

Иахьа аинформациатә дырраҭара ишиашоу аефир ахь ҳаамҭазтәи астудиа аҟынтә иҭыҵуеит. Аинформациатә маҵзура адыррақәа рыларҵәара еиуеиԥшым аплатформақәа рыла алшоит – ателехәаԥшра, арадио, авебдаҟьа. Ауаажәларратә дырраҭара амедиааалыҵ аетникатә аиҵарақәа рбызшәақәа рыхь еиҭаргоит.

“Моамбе” аефир ахь иҭыҵуеижьҭеит 50 шықәса ҵуеит. Аҳәынҭқарратә телехәаԥшреи ауаажәдарратә дырраҭареи еиԥшым, аха ҳахәаԥшцәа рыбзиабара ҳара ҳзы идуӡӡоу аихьӡароуп. Ахәаԥшцәа рыгәрагара азҳаразы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит, ҳаангылом”, – илҳәеит Ауаажәларратә дырраҭара адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишвили.