Қырҭтәылa Импыҵaхaлоу aтерриториaқәa рҟынтә ихҵәоу aуaaҧсыреи, aџьеи, aгәaбзиaреи, aсоциaлтә хьчaреи рминистр Михеил Сарџьвелаӡеи актәи ихаҭыԥуаҩ Ҭамар Габуниеи Ареспубликатә хәшәтәырҭа аусуҩцәа ирԥылеит.
Аминистрра аинформациала, аусҳәарҭа анапхгаҩы амедицинатә персонали ахәшәтәырҭа аменеџьменти рҟынтә ахәшәтәырҭаҿ иҟоу аҭагылазаашьа иазкны адырра иоуит. Михеил Сарџьвелаӡе ишааицҳаз ала, хықәкыс ирымоу акроуп – апациентцәа ринтересқәа рыхьчареи амедперсонал рзинқәа рыхьчареи.
Аиԥылараҿ аганқәа наҟ-наҟтәи аусеицура аформаз иазкны еиқәшаҳаҭхеит.