Михаил Сарџьвелаӡе - Михаил Саакашвили алхраҧхьатәи акампаниа изымҩаҧгом, ақырҭуа политикаҿ аҭыҧ изаанымхеит
«Михаил Саакашвили ҳтәыла азакәани, апҟарақәеи рықәныҟәра иқәшәоит. Ақырҭуа азакәан инақәыршәаны, атәымтәылауаҩ ақырҭуа политика аҽалархәра азин имам. Саакашвили ихаҭа иоуп уи зыӡбаз — иара Қырҭтәыла атәылауаҩра мап ацәикын, даҽа ҳәынҭқарракахь дцеит», — иҳәеит «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәыла Михаил Сарџьвелаӡе.
Сарџьвелаӡе иажәақәа рыла, Саакашвили ақырҭуа политикаҿы илахәызаара алацәажәара иаамҭоуп ҳәа игәы иаанагозар ҟалап.
«Абри аҩыза аҳәамҭақәа – аконкреттә аӡбара акәӡам изызку, хшыҩзышьҭра аиура иаҳа иазкызар ҟалап.
Михаил Саакашвили алхраҧхьатәи акампаниа зымҩаҧигом, иара ақырҭуа политикаҿ аҭыҧ изаанымхеит. Иара уи иҭахызар ҟалап, уи аҟаҵара иҽазикыргьы ҟалап, аха, изыҟаҵом, избанзар, уи закәандароуп. Атәымтәылауаа ақырҭуа политика аҽалархәра азин рымам. Саакашвили ихаҭа иоуп уи зыӡбаз — иара Қырҭтәыла атәылауаҩра мап ацәикын, даҽа ҳәынҭқарракахь дцеит. Ақырҭуа азакәан инақәыршәаны, атәымтәылауаҩ ақырҭуа политика аҽалархәра азин имам», — иҳәеит Сарџьвелаӡе.