Михаил Сарџьвелаӡе - Бибилови игәыҧи роуранагӡара жәларбжьаратәи азинтә ҵакы амам
«Бибилови игәыҧи роуранагӡара жәларбжьаратәи азинтә ҵакы амам», — иҳәеит ауаҩытәыҩса изинқәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Мхаил Сарџьвелаӡе.
Сарџьвелаӡе иҳәамҭала, ацивилизациатә дунеи зегьы азханаҵеит Урыстәылатәи афедерациа Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа импыҵахаланы ишамоу.
«Ари афакт шьқәырҕәҕәоуп Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбара ала. Бибилови игәыҧи роуранагӡара жәларбжьаратәи азинтә ҵакы амам», — иҳәеит Михаил Сарџьвелаӡе.