Михаил Сарџьвелаӡе  - Аполитикашҟа ахынҳәра  - Саакашвии зда ҧсыхәа имам шьаҿазар ҟалап, ишубарҭоу ала, иара аиашаӡбара дацәцар иҭахуп
Михаил Сарџьвелаӡе  - Аполитикашҟа ахынҳәра  - Саакашвии зда ҧсыхәа имам шьаҿазар ҟалап, ишубарҭоу ала, иара аиашаӡбара дацәцар иҭахуп

«Ишубарҭоу ала, Саакашвили  аиашаӡбара дацәцар иҭахуп, ҳажәлар уи иақәшаҳаҭхом», — иҳәеит ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы апарламенттә комитет ахантәаҩы  Михаил Сарџьвелаӡе.

Сарџьвелаӡе Михаил Саакашвили Facebook аҿы иалаирҵәаз аҳәамҭа дахцәажәеит. Саакашвили иажәақәа рыла, иара ақырҭуа политика активла аҽалархәра игәы иҭоуп.

Сарџьвелаӡе игәаанагарала,  аполитикашҟа ахынҳәра  — Саакашвили зда ҧсыхәа имам шьаҿазар ҟалап.

«Иахьа уажәраанӡа ҳажәлар ржьара иаҿын аӡәы хықәкыла Саакашвили игәабзиара ҧырхага азааигоит ҳәа.  Абри зегьы шиашам еилкаахеит. Қырҭтәыла ауааҧсыра мацара ракәымкәа, жәларбжьаратәи аиҩызарагьы еилыркааит иара асимулиациа дшаҿыз, избанзар, аиашаӡбара дацәцар иҭахуп. Ҳуааҧсыра уи иқәшаҳаҭхом», — иҳәеит  Михаил Сарџьвелаӡе.