Михаил Саакашвили – Уажәы Украина сыҟазҭгьы, Зеленски сидгылазаауан
«Уажәы Украина сыҟазҭгьы, Зеленски сидгылазаауан», — иҳәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили «Украинскаиа правда» иеиҭаз аинтервиу аҿы.
Ажурналист иара диазҵааит Украинантә Қырҭтәылаҟа дыхнымҳәызҭгьы, Украиназы урыстәылатәи ажәылара ианалага иҟаиҵозеи ҳәа, Саакашвили абас аҭак ҟаиҵеит:
«Раҧхьа иргыланы, ахада Зеленски сидгылазаауан, иара Черчиль иаамышьҭахь зегьы ирылукааша аҳәынҭқарратә усзуҩуп ҳәа сгәы иаанагоит. Иара убас, Украина ацхрааразы адунеи зегьы сакәшон, исымоу аимадарақәа зегьы схы иасырхәон.
Насгьы, еиҧмырҟьакәа афронт ашҟа сцон, ақырҭуеи аураинеи аибашьцәа срыцхраауан. Уажәааны ақырҭуа аибашьцәа, авидеонҵамҭа ҟаҵаны, сиирамш сыдырныҳәалеит, сара ахаангьы исхашҭуам Баҳмуҭтәи афронтаҿ 35ҩык ҳаибашьцәа ишҭахаз, иара убас, украинатәи сҩызцәа рацәа иҭахеит», — иҳәеит Саакашвили.
«Сара 100%-ла аукраинс схы сыҧхьаӡоит, абри аҩыза азгәыдурала уи ахаан исымҳәацызт», — иҳәеит Саакашвили.