Михаил Саакашвили - Уажәы аҽаанкылара иаамҭам, аус аҵыхәанӡа инагатәуп
«Ҳара зымч наӡоу европатәи адемократиас ҳҟалоит, дара рҿы, абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы, еснагь изаамҭаным алхрақәа мҩаҧыргоит. Жәларбжьаратәи аиҩызара рыдгылара ҳақәгәыҕуеит. Уажәы аҽаанкылара иаамҭам, аус аҵыхәанӡа инагатәуп», — иҳәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили.
Иара иажәақәа рыла, атәылаҿы изаамҭаным алхрақәа мҩаҧгазароуп.
Михаил Саакашвили адипломатиатә корпус ацхырааразы дрыдҵаалт.