Михаил Саакашвили – Сыгәхьаа шәымкын, уажәазы ихадоу - аидгылареи аҵыхәтәантәи ажәыларазы аҽазыҟаҵареи ауп, ажәылара хара имгакәа иалагоит
Сыгәхьаа шәымкын, уажәазы ихадоу – аидгылареи аҵыхәтәантәи ажәыларазы аҽазыҟаҵареи ауп, ажәылара хара имгакәа иалагоит, — иануп Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили Facebook аҿы иалаирҵәаз аҳәамҭаҿы.
«Егьа ҟарҵаргьы, сара срыцәшәом. Агәра ганы сыҟоуп аиаара шаҳго. Сыгәхьаа шәымкын, уажәазы ихадоу – аидгылареи аҵыхәтәантәи ажәыларазы аҽазыҟаҵареи ауп, ажәылара хара имгакәа иалагоит», — иануп аҳәамҭаҿы.