Михаил Саакашвили - Шәааи, жьҭаара 3 рзы, шьыжьымҭан,  ҳҽеидкыланы Қарҭҟа ҳдәықәлап, аколоннақәа рацәазароуп, саанкылара рылымшарцаз
Михаил Саакашвили - Шәааи, жьҭаара 3 рзы, шьыжьымҭан,  ҳҽеидкыланы Қарҭҟа ҳдәықәлап, аколоннақәа рацәазароуп, саанкылара рылымшарцаз

Шәааи, жьҭаара 3 рзы, шьыжьымҭан,  ҳҽеидкыланы Қарҭҟа ҳдәықәлап, аколоннақәа рацәазароуп, саанкылара рылымшарцаз, — иҩит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили асоциалтә аҳаҿы.

«Ҳара ҳазынтәгьы ибзианы еилаҳкаароуп Ақырҭуа гәахәтәы ҳабжьы аҳҭар, Қырҭтәыла шҭаҳархо. Убри аҟынтә, жьҭаара 2 рзы,  Қырҭтәыла еиқәҳархарцаз, ҳазынтәгьы алхрақәа рахь ҳцароуп. Жьҭаара 3 рзы, шьыжьымҭан, ҳҽеидкыланы, Қарҭҟа ҳцап, аколоннақәа рацәазароуп, саанкылара рылымшарцаз. Саргьы сшәыцзаауеит», — иҩит Саакашвили.

Иахьа шьыжьымҭан Михаил Саакашвили асоциалтә аҳала адырра алаирҵәеит иара маӡала Қырҭтәылаҟа дааизшәа.

Нас, еиҭах иалаирҵәаз авидеоааҧхьараҿы аргама ааицҳаит Баҭым дшыҟоу.

Ари аинформациа иадҳәаланы Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишаарыцҳаз ала, Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили Қырҭтәыла аҳәаа дахымсыцт.