Михаил Саакашвили – Сара зеиҧшҟамлац адгылара сымоуп, Навальни дфырхаҵоуп ҳәа сгәы иаанагоит, аха иара Урыстәыла макьана абри аҩыза адгылара имам
Сынтәа, ишыҟазаалак ала, Қырҭтәыла анапхгара ҳаҧсахуеит ҳәа сгәы иаанагоит, сареи сполитикатә гәыҧи ари аус аҵыхәанӡа инаҳгоит, — иҳәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили аҭыжьымҭа «Deutsche Welle» иеиҭаз аинтервиу аҿы.
«Сынтәа, ишыҟазаалак ала, Қырҭтәыла анапхгара ҳаҧсахуеит ҳәа сгәы иаанагоит, сареи сполитикатә гәыҧи ари аус аҵыхәанӡа инаҳгоит. Дара алхрақәа рҕьычит, аха, нас, европаа ари аус рҽаларгалеит. Ирыдыркылаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, ареферендум азҵаара иқәгылам, сынтәа ҭагалан атәыла анапхгара ҳзыҧсахуам. Убри аҟынтә, сареи сполитикатә гәыҧи иаҳа еиҕьны ҳҽазыҟаҵаны, ари аус аҵыхәанӡа инаҳгап ҳәа сгәыҕуеит, атәыла абгара азин раҳҭом», — иҳәеит Саакашвили.
Саакашвили азҵаара ирҭеит Қырҭтәыла анапхгара иара аурыс оппозиционер Алеқсеи Навальни иеиҧш изныҟәома ҳәа.
«Ақырҭуа жәлар Урыстәыла атәылауаа раасҭа иаҳа рҽеидкыланы иҟоуп. Сара зеиҧшҟамлац адгылара сымоуп. Навальни дфырхаҵоуп ҳәа сгәы иаанагоит, аха, иара Урыстәыла макьана абри аҩыза адгылара имам, дзеиқәхар, иаргьы абри аҩызаҵәҟьа адгылара иоуеит», — иҳәеит Саакашвили.