Михаил Саакашвили – Сара имаҷымкәа агхақәа ҟасҵеит, уи даараӡа сахьхәоит, раҧхьа иргыланы, ихьыҧшым аӡбара аҧҵара ҳалымшеит, уажәы абри агха саргьы исыдкьыслеит, агхақәа - уи акоуп, аха, ацәгьаура - зынӡаскгьы даҽакуп
Сара имаҷымкәа агхақәа ҟасҵеит, уи даараӡа сахьхәоит, раҧхьа иргыланы, ихьыҧшым аӡбара аҧҵара ҳалымшеит, уажәы абри агха саргьы исыдкьыслеит, агхақәа – уи акоуп, аха, ацәгьаура – зынӡаскгьы даҽакуп, — иҳәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили абҵара 7 аус иадҳәалоу аӡбаратә процесс аҿы данықәгылоз.
Иара иажәақәа рыла, ақырҭуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы ацәгьауаҩс дзыҟаломызт. Избанзар ацәгьауцәа аҳәынҭқарра аҧырҵом7 дара аҳәынҭқарра дырбгоит.
«Сара имаҷымкәа агхақәа ҟасҵеит, уи даараӡа сахьхәоит, раҧхьа иргыланы, ихьыҧшым аӡбара аҧҵара ҳалымшеит, уажәы абри агха саргьы исыдкьыслеит, сара абарҭ агхақәа рзы аҭамзаара шьҭасҵоит. Аха, саҭамыз, агхақәа – уи акоуп, аха, ацәгьаура – зынӡаскгьы даҽакуп. Ақырҭуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы ацәгьауаҩс дзыҟаломызт. Сара Михаил Саакашвили соуп, ажәлар ирдыруазар сҭахуп сара ацәгьара шыҟасымҵаз. Ацәгьауцәа аҳәынҭқарра аҧырҵом, дара аҳәынҭқарра дырбгоит, иахьа, ҳтәыла абандитцәа рнапаҿы ианыҟоу, уи ибзиаҵәҟьаны ижәбоит, », — иҳәеит Михаил Саакашвили.