Михаил Саакашвили – Сара ақырҭуа политика активла аҽалархәра сгәы иҭоуп
Михаил Саакашвили – Сара ақырҭуа политика активла аҽалархәра сгәы иҭоуп

«Сара ақырҭуа политикагьы Украина аполитикагьы  активла аҽалархәра сгәы иҭоуп», — иҩит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили асоциалтә аҳаҿы.

Саакашвили иажәақәа рыла, иара аусӡбаратә процессқәа рылахәызаара игәы иҭоуп.

«Аҵыхәтәаны сгәы ҧнажәеит иацы Аҷара Иреиҳаӡоу ахеилак аҿы избаз ачарҳәаҩцәа рпарад. Қырҭтәыла ачарҳәара ҳәаа амам.

Сгәабзиара аҭагылазаашьа иахьыҧшымкәа,   сара ақырҭуа политикагьы Украина аполитикагьы  активла аҽалархәра сгәы иҭоуп.

Ҳара, ҳнапқәа еиқәыршәаны,  Украина аиааира агаанӡа ҳамҧшыроуп.

Иахьа инаркны аӡбаратә процессқәа зегьы рылахәызаара сгәы иҭоуп», — иҩит  Саакашвили.