Михаил Саакашвили – Сара аемигрантцәа рахь ааҧхьра ҟасҵоит, мчыбжьыкала акәзаргьы, амза анҵәамҭанӡа Қырҭтәылаҟа шәааи, ақәҧара наҳагӡароуп, уажәазы аҽырҭынчра ацәгьаура иаҩызоуп
Ҳара еиуеиҧшым аформақәа рыла есымша акциақәа мҩаҧаагалароуп, Қырҭтәыла зехьынџьара, избанзар, сара сгәы бзианы схы санақәиҭхо, убасҟан мацароуп шәареи атәылеи сшәыцхраар ансылшо, — иануп Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили ишәҟәы аҟны, иахьа идукат Дито Саӡаглишвили ари ашәҟәы ажурналистцәа дырзаҧхьеит.
Саакашвили ишиҩыз ала, идгылаҩцәа есымша имҩаҧырго акциақәа роуп изхьыҧшу иара шаҟа ирласны доурыжьҭуа.
«Аҩызцәа, сгәы шәыздууп. Иацы исзаашәырҧшыз адгылара гәызҭаҵагас исзыҟалеит. Ҳәарада, уажәтәи арежим ирылшо зегьы ҟарҵоит соурмыжьҭырцаз, аха, уи рылшом, убри аҟынтә, уажәы сара еиуеиҧшым аформақәа рыла есымшатәи акциақәа роуп исҭаху, Қырҭтәыла зехьынџьара, избанзар, сгәы бзианы, схы сақәиҭны сҟалар, убасҟан мацароуп шәареи ҳтәылеи сшәыцхраарц ансылшо.
Сара схақәиҭтәра мацара акәымкәа, аамҭакала, ҳара алхрақәа рҿы аиааиразгьы ҳҽазыҟаҳҵоит. Иацтәи амш агәра снаргеит ҳара аиааира шаҳго. Есымша имҩаҧыжәго акциақәа роуп изхьыҧшу шаҟа ирласны соурыжьҭуа. Иара убас, аемигрантцәа рахь ааҧхьара ҟасҵар сҭахуп. Мчыбжьыкала акәзаргьы, амза анҵәамҭанӡа Қырҭтәылаҟа шәааи, ақәҧара наҳагӡароуп, уажәазы аҽырҭынчра ацәгьаура иаҩызоуп. Иахьазы аиҭаҵра шыуадаҩу здыруеит, аха абыжьқәа рыхьчареи сара сыдгылареи азы ари азҵаара ахадаратә ҵакы амоуп», — иануп ашәҟәы аҟны.