Михаил Саакашвили - Қырҭтәыла сара сеиҧш Путин дыздыруа уаҩ дыҟам, Қарҭ арбџьармчқәа алагаларазы ашьаҭа аҧиҵоит, ҳара ҳаидгылароуп, абра аныҟәара шицәыуадаҩхо иҳарбароуп
«Қырҭтәыла сара сеиҧш Путин дыздыруа уаҩ дыҟам. Ақырҭуаа ргәы ҟаиҵарц азакәӡам иацы ари аӡбара зидикылаз, иара Қарҭ арбџьармчқәа алагаларазы ашьаҭа аҧиҵоит. Сареи ақырҭуа жәлари иҳанаижьуам 2008 шықәсазы уи аҟаҵара ахьилымшаз», — иҩит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили Facebook аҿы.
«Ҳәарада, иара акандидат астатус ҳанаршьаанӡа дазыҧшуам. Убри аҟынтә, иахьа ҳажәлар зеиҧшҟамлац ала еидгылароуп, абра аныҟәара шицәыуадаҩхо иҳарбароуп», — иҩит Саакашвили.