Михаил Саакашвили – Қырҭтәыла еиқәырхатәуп, арратә маҵзуҩцәа рахь ааҧхьара ҟасҵоит, шәпатриотизм сақәгәыҕуеит
Қырҭтәыла ҧасатәи ахада, Украина ареформақәа рзы анагӡаратә комитет ахантәаҩы Михаил Саакашвили Facebook аҿы иалаирҵәаз авидеонҵамҭаҿы иҳәеит Қырҭтәыла уажәтәи анапхгара хықәкыла арбџьармчқәа рырбгара иаҿуп, ақырҭуа офицарцәа рхыҧхьаӡара еиҵартәуеит ҳәа.
«Аҩызцәа, шәара Қырҭтәыла шәатәылауаауп, ҳара уажәтәи аузурпатортә мчра аҿагыларазы ҳҽазыҟаҳҵароуп. Дара ҵыҧх жьҭааразы алхрақәа ҳцәырҕьычит, Евроеидгыла аҟны аиқәшаҳаҭра аҧырырхит, ақәмақарреи аҵыртышақәеи рыла мчыла рҭыҧқәа рыхьчар рҭахуп.
Қырҭтәыла еиқәырхатәуп. Ҳаруаа шәахь ааҧхьара ҟасҵоит, ҳара ҳазынтәгьы атәылауаҩратә ауал анагӡаразы ҳҽазыҟаҳҵароуп, активла алхрақәа ҳхы рылаҳархәроуп, аиқәшаҳаҭра еиҭашьақәҳаргылароуп.
Уажәазы Қырҭтәыла ацхыраара аҭахуп. Шәпатриотизм сақәгәыҕуеит, ҳфырхацәа – ветеранцәа срықәгәыҕуеит», — иҳәеит Саакашвили.