Михаил Саакашвили иус азы аӡбаҩ - Аӡбаратә процесс абахҭаҿы инагӡахом
«Адукатцәа аӡбратә процесс апенитенциартә усбарҭаҿы имҩаҧаагоит ҳәа ргәы иааанагозар, иҩашьеит, абрааҵәҟьа акәаҧ сыргылоит — аӡбаратә процесс абахҭаҿ инагӡахом», — иахьатәи апроцесс аҿы ари атәы ааицҳаит абиуџьеттә аҧара аҕьычра аус азы аӡбаҩ Бадри Коҷламазашвили.
«Ишыжәдыруа ала, апенитенциартә усбарҭаҿы аӡбаратә процесс амҩаҧгара ҟалоит, абахҭаҿы апроцесс мҩаҧаагахьеит, аха, уи азыҳәан иҵаҵәгәырку ашьаҭеи ахымҧадареи иҟазароуп, иаҳҳәап, абаандаҩы иҭагылазаашьа цәгьазар, ма аиҭаҵра ицәыуадаҩзар. Аха, абаандаҩы ихаҭа абри аҩыза аҳәара иқәиргылом. Ҳара ҳазлацәажәо аус аҿы абаандаҩы иҭагылазаашьа цәгьоуп, аха, иара абри аҩыза аҳәара ҟаиҵом. Иара ида аӡбара зҳадаҳкылом», — иҳәеит Бадри Коҷламазишвили.