Михаил Саакашвили иқәырҵаз азыӡба ахырҧара азҵааразы аусӡбаратә процесс нагӡахоит ҧхынҷкәын  29 рзы
Михаил Саакашвили иқәырҵаз азыӡба ахырҧара азҵааразы аусӡбаратә процесс нагӡахоит ҧхынҷкәын  29 рзы

Михаил Саакашвили иқәырҵаз азыӡба ахырҧара азҵааразы аусӡбаратә процесс нагӡахоит ҧхынҷкәын  29, асааҭ 11:00 рзы.

Адукат  Шьалуа  Хаҷапуриӡе иҳәамҭала,  Саакашвили цәгьала дыҟоуп, убри аҟынтә, иара аӡбара даҳәеит аилатәарақәа есымша имҩаҧыргаларц.

Аха, аӡбаҩ ишиҳәаз ала, есымша апроцесс амҩаҧгара зыҟалом.

«Иахьатәи амш ашаҳаҭҩык аҿахәы имхра иазкын, иахьа сызхәаҧшраны иҟаз  егьырҭ аусқәа хсырҧеит.  Есымша апроцесс амҩаҧгара ҟалом. Ашшыҧхьыӡ ахәаҧшразы аҿҳәара ҳәаақәҵам, насгьы, ашаҳаҭцәа зегьы аҿахәы рымхреи абри аматериал аҭҵаареи азы иакымкәа аилатәарақәа аҭаххоит», — иҳәеит аӡбаҩ.