Михаил Саакашвили ила закәандарала аҳәаа ахысра аус азы иаанкылаз ҧшьҩык ауааҧсыра рхы иақәиҭуп
Михаил Саакашвили ила закәандарала аҳәаа ахысра аус азы иаанкылаз Елгуџьа Цомаиеи, аби аҧеи Ҵоҵориааи, Гьаргь Нариманиӡеи, ашас ашәара ацынхәрас, иоурыжьҭит.
Иахьа иашьашәалоу аӡбара идикылеит аӡбаҩ Гьаргь Кератишвили.
Лымкаала, аҧкратә уснагӡатә ҳасабала, аӡбаҩ арҭ ауаа 5000 лари ашас ашәара рықәиҵеит.
Зыӡбахәы ҳәоу ауааҧсыра ацәгьаура хьанҭа аҵәахра рхарарҵоит.