Михаил Саакашвили – Иахьатәи акциа аимырппра сазыҧшын, уи иаҭакны  - ахеиҿкаара ду аҭахуп, ауаа иаҳа ирацәазароуп
Михаил Саакашвили – Иахьатәи акциа аимырппра сазыҧшын, уи иаҭакны  - ахеиҿкаара ду аҭахуп, ауаа иаҳа ирацәазароуп

 

«Иахьатәи акциа аимырппра сазыҧшын. Адәахьы идәылган иаҭаху аасҭа иаҳа ирацәаны аполициа, ауаа дыршәар рҭахын», — иҩит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили асоциалтә аҳаҿы.

Саакашвили иажәақәа рыла, уи иаҭакны иаҳа ахеиҿкаара аҭахуп, ауаа иаҳа ирацәазароуп.

«Евроеидгылагьы зеиҧшҟамлац аӡбара аднакылеит, аиҳабыра ирызкыз аҧара атәылауаҩратә уаажәларра ирырҭоит.

Уажәшьҭа ахеиҿкаареи ақырҭуа жәлар рымчи ауп зегьы зхьыҧшу, агәра ганы сыҟоуп зегьы шҳалшо!», — иҳәеит  Михаил Саакашвили.