Михаил Саакашвили – Иацы асистема адунеи зегьы аҿаҧхьа ахьымӡҕ агеит, иарбанызаалак тәылак аҿы, Урыстәылагьы, абри аҩыза агыгшәыгра, агәымхара џьара ижәбахьоума?
«Иацы асистема адунеи зегьы аҿаҧхьа ахьымӡҕ агеит», — иануп Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили ишәҟәы аҟны.
Саакашвили ишҟәы даҧхьеит идукат.
«Зхы пату ақәызҵо ауаа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵар сҭахуп. Шәыуаҩра сақәгәыҕуеит. Иарбанызаалак тәылак аҿы, Урыстәылагьы, абри аҩыза агыгшәыгра, агәымхара џьара ижәбахьоума? Зегьы раасҭа амедперсонал рыцҳасшьоит. Аҳақьымцәа акгьы рхарам, дара атеррористцәа рнапаҿы иҟоуп. Сышьра аплан нашәыгӡар шәылшоит, аха, шәсызиааиуам», — иҩит Саакашвили.